Гьаргь Зақарашвили – Ҧхынгәы  6 асааҭ 12-нӡа Украина ақәҵра сҽазыскуеит
Гьаргь Зақарашвили – Ҧхынгәы  6 асааҭ 12-нӡа Украина ақәҵра сҽазыскуеит

Украина иҟоу Қырҭтәыла ацҳаражәҳәаҩ ишиҳәаз ала, иара ирҭаз  48 сааҭ аҿҳәара нҵәоит ҧхынгәы  6 асааҭ  12:00 рзы,   иара уаанӡа  аҳәаа ахысра иҽазикуеит.

Ацҳаражәҳәаҩ ишиҳәаз ала, Киевынтә аҳәаанӡа дцароуп машьынала, ма адәыҕбала, уаҳа транспортк иҟам, убри аҟынтә, Украина алҵра уадаҩуп.

«Исырҭаз  48 сааҭ аҿҳәара нҵәоит ҧхынгәы  6 асааҭ  12:00 рзы. Ҳәарада, аҿҳәара нҵәаанӡа аҳәаа ахысра сҽазыскуеит. Ишыжәдыруа еиҧш, Киевынтә аҳәаанӡа дцароуп машьынала, ма адәыҕбала, уаҳа транспортк иҟам, убри аҟынтә, Украина алҵра уадаҩуп», — иҳәеит Гьаргь Зақарашвили  «Рустави 2» аефираҿ.