Гьаргь Каландаришвили Жәларбжьаратәи ареспубликатә институт ахаҭарнакцәа дырҧылеит
Гьаргь Каландаришвили Жәларбжьаратәи ареспубликатә институт ахаҭарнакцәа дырҧылеит

Алхратә комиссиа хада ахантәаҩы Гьаргь Каландаришвили Жәларбжьаратәи ареспубликатә институт (IRI)  анаҧшратә миссиа адиректор Шон Данси амиссиа ахаҭарнакцәеи  дырҧылеит.

Гьаргь Каландаришвили жьҭаара  26 рзы имҩаҧгаз алхрақәеи урҭ ирыдҳәалоу азҵаарақәеи дырзааҭгылеит.  Иара абжьыҭира амш азгьы уи ашьҭахьгьы иҟаз аҭагылазаашьа иадҳәалоу азҵаарақәа зегьы инарҭбааны дрылацәажәеит. Иара алхрақәа ирыдҳәалоу аимакқәеи, аӡбарҭаҿ рыхәаҧшреи, Алхратә комиссиа хада иазықәдыргылаз ахарадҵарақәеи, адезинформациатә кампаниеи, иара убас, америкатә еилахәыра  PRO V&amp ицәырнагаз аудит ахҧатәи, аҵыхәтәантәи аетап аихшьаалеи далацәажәеит.

Жәларбжьаратәи анаҧшратә миссиа ахаҭарнакцәа жьҭаара  26 рзы имҩаҧгаз алхрақәа ирыдҳәаланы ргәаанагара рҳәеит.

Анаҧшратә миссиа алхрақәа ирыцклаҧшуан алхраҧхьатәи аамҭа инаркны, убри аҟынтә, амиссиа ахаҭарнакцәа заанаҵтәи аҳасабырбеи, уажәазы иҟоу аихшьаалақәеи абжьагарақәеи ирыхәаҧшит.  Гьаргь  Каландарашвили  аиҿкаара ахаҭарнакцәа алхрақәа рыцклаҧшреи аихшьаалақәа рыҟаҵареи азыҳәан ҭабуп ҳәа реиҳәеит.