Гьаргь Каландаришвили - Импыҵахалоу аҵакырадгьылқәа рҿы ирымоу аҭыӡҭыԥ ала ашәҟәы иҭаҩу, аҳәаанырцә инхо алхыҩцәа алхрақәа рҽалархәра рылшоит,
Гьаргь Каландаришвили - Импыҵахалоу аҵакырадгьылқәа рҿы ирымоу аҭыӡҭыԥ ала ашәҟәы иҭаҩу, аҳәаанырцә инхо алхыҩцәа алхрақәа рҽалархәра рылшоит,

Импыҵахалоу аҵакырадгьылқәа рҿы ирымоу аҭыӡҭыԥ ала иашәҟәы иҭаҩу, аҳәаанырцә инхо алхыҩцәа алхрақәа рҽалархәра рылшоит, –  иҳәеит Ацентртә алхратә комиссиа  ахантәаҩы Гьаргь Каландаришвили акомиссиа еилатәара ашьҭахь имҩаԥгаз абрифинг аҿы.

Ацентртә алхратә комиссиа  ахантәаҩы ишазгәеиҭаз ала, Ацентртә алхратә комиссиа  иахьатәи аилатәараҿ ари аспекулиациа аҵыхәа ԥҵәан.

„Аусԥҟа инақәыршәаны, жьҭаара 26 рзы имҩаԥысран иҟоу алхрақәа рзы еиуеиԥшым аәҳынҭқарратқәа рҿы иаԥҵаз алхырҭақәа ирҭаҩ алхыҩцәа рсиа ҷыда аҭаҩра ирылгоит хыхь иазгәаҭоу акатегориа иалоу алхыҩҵәа- урҭ жьҭаара 7-нӡа аконсултә сиа ашәҟәы иҭагалазароуп. Иара убас алхрақәа рҽалархәра рылшоит аконсултә сиа ашәҟәы иҭагалым алхыҩцәагьы, урҭ жьҭаара 7-нӡа аҳәаанырцәа иҟоу Қырҭтәыла адипломатиатә хаҭарнакра ма аконсулраҿы асиа аҭагалара рылшоит, ари азы Қырҭтәыла атәылауаҩшәҟәы ма ахаҭаразы агәраргага рымазароуп”, – иҳәеит Каландаришвили.