Гьаргь  Каландаришвили – Амаркирра апринцип иаанхоит, уи еиҳангьы, аҿыцҧшьгара аҳасабала ари апринцип амч амазаауеит абжьыҭиразы хазхаҭалатәи аурна зхы иазырхәо ауааҧсыра рзгьы
Гьаргь  Каландаришвили – Амаркирра апринцип иаанхоит, уи еиҳангьы, аҿыцҧшьгара аҳасабала ари апринцип амч амазаауеит абжьыҭиразы хазхаҭалатәи аурна зхы иазырхәо ауааҧсыра рзгьы

«Аетапқәа зегьы раан, Алхратә комиссиа хада, алхратә процесс шымҩаҧгатәу азы   иашьашәалоу аинструкциақәа шәнаҭоит», — иҳәеит Алхратә комиссиа хада ахантәаҩы Гьаргь Каландаришвили Қырҭтәыла Актәи аканал адырраҭараҿы.

Ателеахәаҧшҩы Алхратә комиссиа хада диазҵааит амаркирра асистема иаанхома ҳәа. Каландаришвили ишиәҳаз ала, амаркирра апринцип иаанхоит, уи еиҳангьы, аҿыцҧшьгара аҳасабала ари апринцип амч амазаауеит абжьыҭиразы хазхаҭалатәи аурна зхы иазырхәо ауааҧсыра рзгьы.

«Ҳәарада, ҧасатәи алхрақәа раангьы ари азҵаара аҭыӡшәа ахылҵит, хаҭалатәи аурна зхы иазырхәоз ауаҩы алхырҭашҟа днеины, уаагьы абжьыҭиара иҽалаирхәызшәа рҳәеит. Амаркирра иҟоу иҟаму зегьы дара роуп, уи ҟалашьа змам усуп, аха, уажәы, изакәызаалак спекулиациак ҟамларцаз, ауаа иацҵаны амаркирра рзыҟарҵоит.  Аҿыцҧшьгара аҳасабала амаркирра апринцип амч амазаауеит абжьыҭиразы хазхаҭалатәи аурнақәа зхы иазырхәо ауааҧсыра рзгьы», — иҳәеит Каландаришвили.