Гьаргь Каландаришвили  - Алхрақәа рнеҩс  26 мшы ҵит, аха,  ҳара алхрақәа рылҵшәақәа рзы акрызҵазкәа анырра заур зылшоз асистематә аилагарақәа  ҳамбеит
Гьаргь Каландаришвили  - Алхрақәа рнеҩс  26 мшы ҵит, аха,  ҳара алхрақәа рылҵшәақәа рзы акрызҵазкәа анырра заур зылшоз асистематә аилагарақәа  ҳамбеит

«Алхрақәа рнеҩс  26 мшы ҵит, аха,  ҳара  алхрақәа рылҵшәақәа рзы акрызҵазкәа анырра заур зылшоз асистематә аилагарақәа ҳамбеит», — иҳәеит Қырҭтәыла Алхратә комиссиа хада ахантәаҩы Гьаргь Каландаришвили апрокуратура ахыбра аҧхьа ажурналистцәа данрацәажәоз. Иара апрокуратурашҟа днеит аҿахәы аҭаразы.

Иара иажәақәа рыла, Алхратә комиссиа хада, алхрақәа рҿы аманипулиациақәеи аҧаршеиреи иазку имцырку ахарадҵарақәа ирызкны  ауааҧсыра аинформациа наӡа рыҭара нанагӡоит.

«Алхрақәа рнеҩс  26 мшы ҵит, аха,  ҳара  алхрақәа рылҵшәақәа рзы акрызҵазкәа анырра заур зылшоз асистематә аилагарақәа ҳамбеит. Алхратә аимакқәа иахьрыхәаҧшуаз иакымкәа аӡбаратә процессқәа мҩаҧгоуп,  урҭ рҳәаақәа ирҭагӡаны ишьақәырҕәҕәоуп алхрақәа рылҵшәақәа рзы анырра заур зылшоз аилагарақәа шыҟамыз.

Ҳәарада,  ҳара алхрақәа рҿы аманипулиациақәеи аҧаршеиреи иазку имцырку ахарадҵарақәа ирызкны  ауааҧсыра аинформациа наӡа рыҭареи иашьашәалоу аусеилыргаратә органқәа аус рыцуреи наҳагӡоит», — иҳәеит Гьаргь Каландаришвили.