Гьаргь Гвимраӡе Европа адырраҭарақәа реидгыла ажәабжь ҿыцқәа ркомитет алахәылас далырхит
Гьаргь Гвимраӡе Европа адырраҭарақәа реидгыла ажәабжь ҿыцқәа ркомитет алахәылас далырхит

Қырҭтәыла Актәи аканал ажәабжь ҿыцқәа рблок адиректор Гьаргь Гвимраӡе Европа адырраҭарақәа реидгыла ажәабжь ҿыцқәа ркомитет алахәылас далырхит.

Аӡбара рыдыркылеит абҵара 22-23 рзы Қарҭ имҩаԥысуаз Европа адырраҭарақәа реидгыла ассамблеиаҿ.

Европа адырраҭарақәа реидгыла  Ажәабжь ҿыцқәа 18-тәи рассамблеиа есышықәсатәи ауснагӡатәуп.

2023 шықәсатәи вропа адырраҭарақәа реидгыла  Ажәабжь ҿыцқәа рассамблеиа ихы алаирхәит Европа адырраҭарақәа реидгыла адиректор Ноель Куран. Ассамблеиа рхы аладырхәоит EBU иалоу 47 тәыла рҟынтә адырраҭарақәа рниусрумқәа рнапхгаҩцәа, ауснагӡатә аҽалархәразы еизеит 100-ҩык рҟынӡа аделегатцәа, урҭ реиҳараҩык ажурналистцәеи аниусрумқәа рнапхгаҩцәеи роуп.