Гьаргь Гахариа – Қырҭтәыла ҳаамҭазтәи аҭоурых аҿы ахадара ду змоу мшуп, Страсбургтәи аӡбарҭаҿ Урыстәыла иаҿагыланы имҩаԥысуаз аӡбаратә ус Қырҭтәыла аиааирала ихырқәшеит
Гьаргь Гахариа – Қырҭтәыла ҳаамҭазтәи аҭоурых аҿы ахадара ду змоу мшуп, Страсбургтәи аӡбарҭаҿ Урыстәыла иаҿагыланы имҩаԥысуаз аӡбаратә ус Қырҭтәыла аиааирала ихырқәшеит

Қырҭтәыла ҳаамҭазтәи аҭоурыз аҿы аҵаку ду змоу мшуп, Страсбургтәи аӡбарҭаҿ Урыстәыла иаҿагыланы имҩаԥысуаз аӡбаратә ус Қырҭтәыла аиааирала ихырқәшеит, – иҩит Феисбук аҿы Қырҭтәыла Аԥыза-министр Гьаргь Гахариа.

«Қырҭтәыла ҳаамҭазтәи аҭоурыз аҿы аҵаку ду змоу мшуп!  Ауаҩытәыҩса ищинқәа рзы  Европатәи аӡбарҭаҿ Урыстәыла иаҿагыланы имҩаԥысуаз аӡбаратә ус Қырҭтәыла аиааирала ихырқәшеит. Ари ҳара ҳиааироуп», – иҩит Гьаргь Гахариа.

2008 шықәсатәи еибашьра аус иадҳәаланы Страсбургтәи аӡбарҭа аӡбара аднакылеит. Қырҭтәыла аиустициа аминистра аинформациа ала, Ауаҩытәыҩса изинқәа рзы Европатәи аӡбарҭа, Урыстәыла 2008 шықәса нанҳәа азы иҟалаз еибашьраан ауаҩытәыҩса изинқәа европатәи аконвенциа акымкуа ахәҭаҷқәа еиланагеит  ҳәа Қырҭтәыла аҳәара иақәшаҳаҭхеит.