Гьаргь Гахариа  - Қырҭтәыла аиурисдикциаҿы иҟоу иарбан ҵакырадгьылзаалак, аӡәгьы ахаан џьаргьы аполициа азакәантә ауранагӡара дзаҧырхагахом
Гьаргь Гахариа - Қырҭтәыла аиурисдикциаҿы иҟоу иарбан ҵакырадгьылзаалак, аӡәгьы ахаан џьаргьы аполициа азакәантә ауранагӡара дзаҧырхагахом

Аполициа аусура аореал армаҷра аҽазкра иҟоуп, – иҳәеит Аҩнуҵҟатәи аусқәа рминистр Гьаргь Гахариа апарламент аҿы данықәгылоз.

Иара ишиҳәаз ала,  Қырҭтәыла аиурисдикциаҿы иҟоу иарбан ҵакырадгьылзаалак, аӡәгьы ахаан џьаргьы аполициа азакәантә ауранагӡара дзаҧырхагахом.

„Аполициа аусура аореал армаҷра аҽазкра иҟоуп, аклубқәа, аҳаблақәа, агеографиатә қәыҧшыларақәа уҳәа, убас егьырҭгьы аҭыҧқҟәа рҿы. Сара даҽазнык иаҵшьны иазгәасҭар аҭахуп,   Қырҭтәыла аиурисдикциаҿы иҟоу иарбан ҵакырадгьылзаалак, аӡәгьы ахаан џьаргьы аполициа азакәантә ауранагӡара дзаҧырхагахом. Убри аҟынтә,  ауаа зегьы ирдыруазароуп,аполициа аусура ахаан џьаргьы изакәызаалак ҧкрак аиуом“, – иҳәеит Гьаргь Гахариа.

Аминистр атәылауаа зегьы ирыбжьеигеит ампыҵахалатә цәаҳәа, аҳәаа уҳәа, зҵакы дуу атемақәа ҭакҧхықәрала ирызныҟәарц.

Аҩнуҵҟатәи аусқәа рминистр апарламент аҿы дықәгылеит  „аминистрцәа рсааҭ“ аформат ала.