Гьаргь Гахариа - Қырҭтәыла абираҟ ҳҳәынҭқарра ахадаратә символқәа иреиуп, уи апатриотизм ҳаланаҵоит, ҳгәы аздууп
Қырҭтәыла абираҟ ҳҳәынҭқарра ахадаратә символқәа иреиуп, уи апатриотизм ҳаланаҵоит, ҳгәы аздууп, — иануп Қырҭтәыла Аҧыза-министр Гьаргь Гахариа Қырҭтәыла аҳәынҭқарратә бираҟ амш инамадана иҟаиҵаз аҳәамҭаҿы.
Аҧыза-министр агәра ганы дыҟоуп ақырҭуа бираҟ европатәи аҭаацәара иалахәы аҳәынҭқарра рбираҟқәа ианрывадыргыло аамҭа шыҟало.
«Қырҭтәыла абираҟ ҳҳәынҭқарра ахадаратә символқәа иреиуп, уи апатриотизм ҳаланаҵоит, ҳгәы аздууп. Уи ҳтәылеи ҳажәлари рҭоурыхи, еснагь ҳаззықәҧо ҳҽазышәарақәеи аныҧшуеит. Агәра ганы сыҟоуп хара имгакәа ақырҭуа аҳәынҭқарра асимвол европатәи аҭаацәара иалахәы аҳәынҭқаррақәа рбираҟқәа рыгәҭа ишгылазаауа», — иҳәеит Гьаргь Гахариа.