Џьаргьы сцаӡом, аполитикантә ацарагьы сгәы иҭам, – иҳәеит Қырҭтәыла ԥасатәи Аԥыза-министр Гьаргь Гахариа ажурналистцәа данрацәажәоз.
Гьаргь Гахариа иажәақәа рыла, инапынҵақәа рышьҭаҵара иазкны уҳәан-сҳәан рацәан.
Уҳәан-сҳәан рацәан, аха џьаргьы сцаӡом, аполитикантә ацарагьы сгәы иҭам. Апланқәа рыла иазыԥхьагәаҭоу амш аусхәаԥштә насыгӡоит. Хара имгакәа адетальқәа шәзааҳарԥшуеит. Уажәа уаҳа акгьы сызҳәом,» – иҳәеит Гьаргь Гахариа.
Гьаргь Гахариа инапынҵақәа шьҭеиҵеит жәабран 18 рзы.