Гьаргь Гахариа ишиҳәаз ала, ампыҵахалареи атәыла атерриториатә акзаареи азҵаарақәа ахадаратә ҧыжәара рымазаауеит
Гьаргь Гахариа ишиҳәаз ала, ампыҵахалареи атәыла атерриториатә акзаареи азҵаарақәа ахадаратә ҧыжәара рымазаауеит

 

 

«Ҭабуп ҳәа шәасҳәар сҭахуп  адипломатиа мацараз акәымкәа, абри иуадаҩӡоу аамҭазы иаашәырҧшуа ауаҩра азгьы, асоциалтәи аполитикатәи ҧсҭазаара ҿыц аҿы Қырҭтәыла ампыҵахалареи атерриториатә акзаареи азҵаара аҳҭнықалақьқәа зегьы рҿы иахьагьы  актуалтә ҵакы амазааратәы иҟашәҵеит», — иҳәеит Аҧыза министр инапынҵақәа назыгӡо Гьаргь Гахариа   аҳәаанырцә аус зуа Қырҭтәыла адипломатиатә миссиақәа рхаҭарнакцәа есышықәсатәи реиҧылараҿы  — «Ацҳаражәҳәаҩцәа рконференциа  2020 —  Аглобалтә пандемиа аан Қырҭтәыла адәныҟатәи аполитика априоритетқәеи, аҿыц аҳасабтәқәеи, алшарақәеи» аҿы данықәгылоз. Аиҧылара мҩаҧысит онлаин арежим ала.

Гахариа ишиҳәаз ала, ҳаҧхьаҟа атәыла атерриториатә акзаара азҵаара иреиҳаӡоу аҵакы амазаауеит.

«Ҳара ҳазынтәгьы еилаҳкаароуп ҳаҧхьаҟа,  аҭагылазаашьа зеиҧшразаалакгьы, ҳтәыла ампыҵахалареи атерриториатә акзаареи азҵаара иреиҳаӡоу аҧыжәара шамазаауа.  Адунеи аҿы аҭагылазаашьа шыцәгьоугьы, Қырҭтәылазы абри зегьы реиҳа зҵакы дуу апроблема аҳәаанырцә ирхамшҭратәы иҟаҳҵароуп», — иҳәеит Гьаргь Гахариа.