Гьаргь Гахариа - Ҳпартниорцәеи аҩызарала иаҳзыҟоу атәылақәеи Қырҭтәыла евроинтеграциа ииашаны иазныҟәоит
Адәныҟатәи аусқәа рминистр ҭабуп ҳәа иасҳәар сҭахуп НАТО аминистериал қәҿиарала алахәызааразы, абри ауснагӡатә аҿы Қырҭтәылазы зҵакы дуу аҳәамҭақәа ҟаҵан, — иҳәеит Қырҭтәыла Аҧыза-министр Гьаргь Гахариа.
«Ҳәарада, зегьы реиҳа аҵакы дууп НАТО иаарту ашәқәа аполитика анагӡара иазкны иҟаҵаз аҳәамҭа, ҳтәылазы уи аҵакы ду амоуп. Сара адәныҟатәи аусқәа рминистрцәа ҭабуп ҳәа расҳәар сҭахуп Қырҭтәыла аҵакырадгьылтә акзаареи Аҩадаатлантикатә алианс ашҟа ҳтәыла аинтеграциа арҭбаареи иахьадгыло азыҳәан. Дара апрактикатә шьаҿақәеи апланқәеи рыла Қырҭтәыла ахыхьчаралшара арҕәҕәара иацхраауеит. Ишыжәдыруа ала, ҳара ҳзы уи иаҵанакәа рацәоуп. Уи алагьы иубарҭоауп ҳпартниорцәеи аҩызарала иаҳзыҟоу атәылақәеи Қырҭтәыла евроатлантикатә интеграциа ииашаны ишахәаҧшуа, Қырҭтәыла ишадгыло», — иҳәеит Гьаргь Гахариа.