Гьаргь Гахариа  -  Ҳара ҳазынтәгьы ҳаиқәшаҳаҭны аус ҳуроуп 2024 шықәсазы атәыла,  аекономикатә ганахьала,  Евроеидгыла алаларазы азыҳәамҭа аҟаҵара алшарц азыҳәан
Гьаргь Гахариа  -  Ҳара ҳазынтәгьы ҳаиқәшаҳаҭны аус ҳуроуп 2024 шықәсазы атәыла,  аекономикатә ганахьала,  Евроеидгыла алаларазы азыҳәамҭа аҟаҵара алшарц азыҳәан

 

Қырҭтәыла аҧыза-министр Гьаргь Гахариа ишиҳәаз ала,  европатәи интеграциа иадҳәалоу ахықәкы анагӡаразы,  атәылаҿы аструктуратә реформақәа рынагӡара зеиҧшҟамалац ала аҵакы ду амоуп.  Иара ишиҳәаз ала,  2024 шықәсазы атәыла,  аекономикатә ганахьала,  Евроеидгыла алаларазы азыҳәамҭа аҟаҵара алшарц азыҳәан, аусбарҭақәа зегьы еиқәшаҳаҭны аус руроуп.

«Ҳазынтәгьы ибзианы еилаҳкаароуп атәыла аекономикаҿы аструктуратә реформақәа рынагӡара  зеиҧшҟамлац ала аҵакы ду шамоу европатәи аинтеграциа иадҳәалоу ҳхықәкы хада анагӡареи,  иара убас, амакроекономикатә ҭышәынтәалара ахьчареи азыҳәан.  Сызлацәажәо ареформақәа иааиуа ашықәқәа рзы алҵшәа бзиа рхылҵроуп, уи аҵакы ду амоуп аекономикатә кризис алҵразы, аха, зегьы реиҳа ихадоу  –  2024 шықәсазы атәыла, аекономикатә ганахьала, Евроеидгыла алаларазы азыҳәамҭа аҟаҵаразы ихиазароуп», — иҳәеит Гьаргь Гахариа.