Гьаргь Гахариа - Европатәии евроатлантикатәи аинтеграциа еснагь ҳадәныҟатәи политика ашьаҭатәи хырхарҭан
Европатәии евроатлантикатәи аинтеграциа еснагь ҳадәныҟатәи политика ашьаҭатәи хырхарҭан, – иҳәеит Аԥыза-министррахь акандидат Гьаргь Гахариа апарламент аҿы афракциа «Ақырҭуа гәахәтәы» алахәылацәа рҿаԥхьа данықәгылоз.
Гьаргь Гахариа ишазгәеиҭаз ала, Қырҭтәыла атәылауаа 80% Евроеидгылеи Евроатлантикатәи аструктурақәеи рахь Қырҭтәыла аинтеграциа иадгылоит.
«Европатәии евроатлантикатәи аинтеграциа еснагь ҳадәныҟатәи политика ашьаҭатәи хырхарҭан. Қырҭтәыла атәылауаа 80% Евроеидгылеи Евроатлантикатәи аструктурақәеи рахь Қырҭтәыла аинтеграциа иадгылоит.
Аҵыхәтәантәи аамҭазы арегион аҟны аҭыԥ змоу апроцессқәа ирызԥхьагәаҭаны, даҽазнык аарԥшхеит ҳпартниорцәа рзы ҳрегион аҟны ашәарҭадара агарантиа ашьаҭас Қырҭтәыла шырыԥхьаӡо. 2019-2020 шш. аусеицура арҭбаареи аиӷьтәреи рзы зеиԥшҟамлац ала иманшәалаз шықәсқәан,» – иҳәеит Гьаргь Гахариа.