Қырҭтәыла аҧыза-министр Гьаргь Гахариа ишиҳәаз ала, Давиҭ Гареџьи азҵаара аполитизациа атәылазы шәарҭоуп, аганқәа зегьы аҭакҧхықәра аарҧшны, ари аус азы аусеилыргара ахыркәшара иазыҧшыроуп.
«Сара изныкымкәа исҳәахьеит, иахьа еиҭасҳәоит, Давиҭ Гареџьи азҵаара аполитизациа ҳтәылазы шәарҭоуп, уи знырра ҳараку зҵаароуп, убри аҟынтә, аҭакҧхықәра ду ҳхы иадҵаны, аусеилыргара апроцесс ахыркәшара ҳазыҧшыроуп.
Абас ауп ҳмилаҭи ҳҳәынҭқарреи абри азҵаара ишазныҟәаша. Ҳара ҳазынтәгьы абри азҵаара аполитикатә ашьаҭа азҭар зылшо ашьаҿақәа рҟынтә рҽаанаҳкылароуп.
Гареџьи аҧеиҧши ҳстратегиатә партниор – Азербаиџьани ҳареи ҳаизыҟазаашьақәеи гәҽанызаарыла ҳрызныҟәароуп. Ажәа цыҧхьаӡа аполитикатәи, асоциалтәи, аҭоурыхтәи аҵакы амоуп, аха, уи адагьы, апрактикатә ҵакы змоу апроцессқәа рзы ишиашоу анырра амазаауеит», — иҳәеит Гьаргь Гахариа.