Гьаргь Гахариа  - Ахәшәқәа рыхә мариахароуп
Гьаргь Гахариа  - Ахәшәқәа рыхә мариахароуп

Атәылаҿ ахәшәқәа рыхә мариахароуп, ҳара хықәкы хадас ҳамоуп ахә армариарала ахаҭабзиара аԥхасҭахара ҳаҿагыларц; хара имгакуа ари ахырхарҭала раԥхьаӡатәи ашьаҿа ҟаҳҵоит, – иҳәеит Аԥыза-министррахь акандидат Гьаргь Гахариа апарламент аҿы афракциа «Ақырҭуа гәахәтәы» алахәылацәа рҿаԥхьа данықәгылоз.

Аиҳабыра анапхгаҩы иҭыԥ ахь акандидат иажәақәа рыла, агәабзиарахьчара асистемаҿ ареформа мҩаԥгатәуп.

Гьаргь Гахариа ишазгәеиҭаза ала, зегьеицырзеиԥшу агәабзиарахьчара асистема аԥҵарала ауааԥсыра амедицинатә  сервисқәа рхы иадырхәоит.

«Зегьеицырзеиԥшу агәабзиарахьчара иидеалу системоуп ҳәа сызҳәом, уигьы ареформа азутәуп, аха ауааԥсыра рџьыбақәа рҟынтә ашәара ҳаҿагылоароуп, ари апу агәабзиарахьчар ахырхарҭаҿ иприоритету зҵаараны иҳамоу,» – иҳәеит Гьаргь Гахариа.