Гьаргь Гахариа - Арелигиатә ашьаҭала атәылауаа реичырчара аӡәгьы азин иаҳҭом
Арелигиатә ашьаҭала атәылауаа реичырчара аӡәгьы азин иаҳҭом, — иҳәеит Аҧыза-министр Гьаргь Гахариа Букнари ақыҭаҿ иҟалаз ахҭысқәа данрыхцәажәоз.
Иара иажәақәа рыла, Қырҭтәыла аиҳабыра Аконституциа ала иҳәаақәҵоу ауаҩытәыҩса изинқәа рыхьчара еиқәнаршәоит.
«Ишыжәдыруа ала, арелигиатә хкырацәара — аҭоурыхтә фактуп, уи ҳбеиара ауп. Ҳара ашәышықәсақәа рыҩнуҵҟа абас акәын ҳҳәынҭқарра шҳаргылоз. Қырҭтәыла аиҳабыра Аконституциа ала иҳәаақәҵоу ауаҩытәыҩса изинқәа рымҩаҧгареи рыхьчареи еиқәнаршәоит, еснагь убас акәын ишыҟаз, ҳаҧхьаҟагьы убасҵәҟьа иҟалоит. Ҳара Қырҭтәыла атәылауаа рзинқәа рыларҟәра аӡәгьы азин иаҳҭом, иара убас, аӡәгьы азин иаҳҭом арелигиатә ашьаҭа ала атәылауаа реичырчаразы. Аҩнуҵҟатәи аусқәа рминистрра адҵа аиуит: ауаа реичырчfра аҽазкра рбар, аҳәынҭқарреи аминистрреи абри аҩыза афактқәа ҕәҕәала ирықәҿырҭроуп», — иҳәеит Аҧыза-министр.