Гьаргь Гахариа – Аполиаризациа ҳхаркәшароуп, иқәҿиароу аҳәынҭқарра аргылара ҳалшароуп
Иацтәи амш даҽазнык иаҳнарбеит, арадикализми арадикалтә позициақәеи ҳаамҭазтәи ақырҭуа ҳәынҭқарра аргылара шаԥырхагоу, – иҩит Қырҭтәыла ԥасатәи Аԥыза-министр Гьаргь Гахариа асоциалтә каҭаҿы.
«Иахьа Қырҭтәыла ахьыԥшымра аиҭашьақәыргылара инамаданы имҩаԥгаз ареферендум амши атәыла актәи ахада Звиад Гамсахәырдиа имшииреи роуп.
Атәыла ҳаамҭазтәи аҭоурыхы аҿы ари амш аҵак ҷыда амоуп, 1991 шықәса хәажәкыра 31 рзы имҩаԥгаз ареферендум иалҵшәаны Қырҭтәыла ахьыԥшымра аиуит, уи аҽны алагеит ҳаамҭазтәи ақырҭуа аҳәынҭқарра аргылара….
30 шықәса ҵит аҳәынҭқарра аргылара иалагеижьҭеи…
Иацтәи амш даҽазнык иаҳнарбеит, арадикализми арадикалтә позициақәеи ҳаамҭазтәи ақырҭуа ҳәынҭқарра аргылара шаԥырхагоу.
Аполиаризациа ҳхаркәшароуп, иқәҿиароу аҳәынҭқарра аргылара ҳалшароуп,» – иҩит Гьаргь Гахариа