Гьаргь Гахариа - Абџьар хьшәашәазы арегулиациақәа рырџьбара хықәкыс иамоуп зықәра наӡами рус рыӡбахьоуи ауааҧсыра абџьар азы аҧкра рзышьақәыргылара
Абџьар хьшәашәазы арегулиациақәа рырџьбара хықәкыс иамоуп зықәра наӡами рус рыӡбахьоуи ауааҧсыра абџьар азы аҧкрақәа рзышьақәыргылара, – иҳәеит Қырҭтәыла аҩнуҵҟатәи аусқәа рминистр Гьаргь Гахариа аиҳабыра реилатәара ашьҭахь.
Гахариа иҳәамҭала, азакәанпроект ҿыц инақәыршәаны, абџьар хьшәашәа аимпорти аҭиреи иадҳәалоу административтә хьырхәра џьбарахоит.
„Ҳара абџьар хьшәашәа ахархәара аҧкра ауп хықәкыс иҳамоу, раҧхьа иргыланы, зықәра наӡами зус рыӡбахьоуи рзы. Арҭ аҧсахрақәа апарламентт ахь идәықәаҳҵоит, хара имгакуа амч роуп ҳәа сгәыҕуеит“, – иҳәеит Гьаргь гахариа.