Гьаргь Ботковели иҳәамҭала, аоппозициа ахаҭарнакцәа «Евронест» ассамблеиаҿы европатәи аперспектива иазку арезолиуциа апроект ацәыргара шырҭахыз атәы ирыздырӡомызт
Гьаргь Ботковели иҳәамҭала, аоппозициа ахаҭарнакцәа «Евронест» ассамблеиаҿы европатәи аперспектива иазку арезолиуциа апроект ацәыргара шырҭахыз атәы ирыздырӡомызт

«Амилаҭтә ҵысра» алахәыла Гьаргь  Ботковели иҳәамҭала,  аделегациа анапхгаҩы Мака Боҷоришвили   аделегациа егьырҭ алахәылацәа иралымҳәеит   «Евронест» Апарламенттә ассамбелиаҿы  арезолиуциа апроект ацәыргара ргәы ишҭаз.

«Аделегациа анапхгаҩы ари арезолиуциа цәырылгеит, аха, ҳпартниорцәа уи иадымгылеит. Ари арезолиуциа егьырҭ алахәылацәа рҟны еиқәшаҳаҭымызт.  Уи ҳаламцәажәеит. Аконкреттә резолиуциа ацәыргара азҵаара ҳаламцәажәеит. Рыцҳарас иҟалаз, ари арезолиуциа аханатәгьы уи азыҳәан еиқәыршәазар ҟалап, дара аханатәгьы ирдыруан ҳпартниорцәа  ари адокумент ишадымгылоз, убри аҟынтә, ҳаргьы аҳадмырбеит», — иҳәеит Гьаргь  Ботковели.