Гьаргь Бачиашвили закәандарала Қырҭтәыла аҳәаа ахысразы ахара идырҵеит
Гьаргь Бачиашвили закәандарала Қырҭтәыла аҳәаа ахысразы ахара идырҵеит

“Аицфинансыркра афонд” ҧасатәи адиректор хада Гьаргь Бачиашвили закәандарала Қырҭтәыла аҳәаа ахысразы ахара идырҵеит. Гьаргь Бачиашвили ԥшьышықәсеи хәымзи аҭакра иқәырҵеит.

Иара убас ахара идырҵеит Қырҭтәыла аҳәынҭқарратә ҳәаа закәандарала ахысраҿ Гьаргь Бачиашвили ицхрааз Шоҭа Қарумиӡегьы. Қарумиӡе ԥшьышықәсеи хәымзи аҭакра иқәырҵеит.

Аицфинансыркра афонд ҧасатәи анапхгаҩы  Гьаргь Бачиашвили  апартиа «Ақырҭуа гәахәтәы» ашьаҭаркҩы Биӡина Иванишвили икриптовалиута аҕьычразы 11 шықәса аҭакра иқәырҵеит. Бачиашвили изы заанаҵтәи аҧкратә усмҩаҧгатә мҩаҧган, аха, дыбналаны Қырҭтәыла дықәҵит. Зыӡбахәы ҳәоу аус  2017 шықәсатәи ахҭысқәа ирыдҳәалоуп. Бачиашвили аинвестор  8 986 биткоинқәа ицәиҕьычит, усҟантәи акурс ала арҭ абиткоинқәа  43 миллион адоллар аҟара иаҧсан. Убри адагьы, аинвестор иқәнагаз ахашәала ацынхәрас  536 900 адоллар мацара ииҭеит.