Гьаргь Амилахвари аҵара аминистрс дҟарҵеит
Гьаргь Амилахвари аҵара аминистрс дҟарҵеит

Гьаргь Амилахвари Қырҭтәыла аҵареи аҵарадырреи рзы аминистр иҭыҧ ааникылеит. Аиҳабыра радминистрациаҿы имҩаҧгаз абрифинг аҿы ари атәы ааицҳаит Қырҭтәыла аҧыза-министр Иракли Ҕарибашвили.

Амилахвари  ари аҭыҧ ааникылеит  Михаил Чхенкели ицынхәрас.

«Иахьа аҵареи аҵарадырреи рзы аминистр ҿыц  Гьаргь Амилахвари дшәыдазгалоит. Аха, уаанӡа иашәасҳәар сҭахуп Михаил Чхенкели сшиҧылахьоу, иара ихатә ҭаххарала инапынҵақәа шьҭеиҵеит. Иаҵшьны иазгәасҭар сҭахуп Михаил Чхенкели қәҿиарала аус шиуз.  Ҧшьышықәса рыҩныҵҟа ҳаиҳабыреи, ҳтәылеи, аҿари рымаҵ иуан. Акрызҵазкәа апроектқәа рацәа наигӡеит, иакымкәа ареформақәа рышьаҭа икит. Михаил Чхенкели аҵарадырратә усура дазыхынҳәырц иҭаххеит. Қәҭешьтәи жәларбжьаратәи ауниверситет  жәларбжьаратәи абжьагаҩцәа рхеилак дахагылоит. Ҳгәыҧ ахьӡала ҭабуп ҳәа иасҳәар сҭахуп, наҟ-наҟтәи иусураҿы ақәҿиарақәа изеиҕьасшьоит», — иҳәеит  Иракли Ҕарибашвили.