Қырҭтәыла аҵареи аҵарадырреи рзы аминистр Гьаргь Амилахвари Қырҭтәыла иҟоу Америка ацҳаражәҳәаҩ Келли Дегнан дылҧылеит.
Аҵара аминистрра адыррала, аиҧылара рхы аладырхәит Америка ацҳаражәҳәарҭа акультура азҵаарақәа рзы атташе Кристофер Андерсони апрограмма USAID анапхгаҩы Марина Куҭаҭелаӡеи.
Аганқәа рхаҭарнакцәа Америка ацхыраарала аҵара аусхкы аҿы имҩаҧысуа апроектқәеи наҟ-наҟтәи апланқәеи ирылацәажәеит.
Гьаргь Амилахвари Келли Дегнан ҭабуп ҳәа леиҳәеит Қырҭтәыла аҵаратә система аиҕьтәра ацхрааразы.
Келли Дегнан хаҭала Гьаргь Амилахварии аминистрра аусзуҩцәеи ҭабуп ҳәа ралҳәеит қәҿиарала аусеицуразы.