Франциатәи „ADP гәыԥ“ аилахәыра TAV Airports акциақәа аанахәеит
Франциатәи „ADP гәыԥ“ аилахәыра TAV Airports акциақәа аанахәеит

Қырҭтәыла аԥыза-министр Иракли Ӷарибашвили “ADP гәыԥ“ вице-ахада Едвард Орқраиҭ диԥылеит.

Қырҭтәыла аԥыза-министр ипрессмаҵзура аинформациа ала, франциатәи аилахәыра “ADP гәыԥ“ TAV Airports акциақәа аанахәеит.

Аганқәа рхаҭарнакцәа наҟ-наҟ аусеицура аперспективақәеи аҳаирбаҕәазақәа рырҿиара астратегиеи иалацәажәеит. Аиҳабыра рнапхагаҩы ишазгәеиҭаз ала, атәылаҿы ирласны аекономикатә аҿиареи, иара убас, атуризм аусхкы аҿы иҟоу адинамика азҳареи абзоурала, амбициатә планқәа рылацәажәара рылшоит. Хшыҩзышьҭра азун Қарҭтәии Баҭымтәи аҳаирбаҕәазақәа рҿы асервисқәа иаҳа реиҕьтәра аҵакы.

ADP агәыҧ адунеи еиуеиҧшым 20 инареиҳаны аҳаибаҕәазақәа анапхгара рыҭара ахырхарҭала аус ауеит. ADP агәыҧ анапхгараҵаҟа иҟоу аҳаирбаҕәазақәа иалкаауп зквалификациа ҳараку асервисқәеи иҭышәынтәалоу аҿиареи ала.

ADP гәыԥ (l’Aéroport de Paris) ишьаҭаркын 1945 шықәсазы. Ари агәыԥ Франциаҿ Шарль де Голи Орлии аҳаирбаӷәазақәа ирхылаԥшуеит.