Франциа Сенат Covid-паспортқәа ирызку азакәан  арџьбаразы аиҭакрақәа ирықәшаҳаҭхеит
Франциа Сенат Covid-паспортқәа ирызку азакәан  арџьбаразы аиҭакрақәа ирықәшаҳаҭхеит

Франциа Сенат Covid-паспортқәа ирызку азакәан  арџьбаразы аиҭакрақәа ирықәшаҳаҭхеит.

Азакәан инақәыршәаны, Франциа атәылауаа ауаажәларратә транспорт ала аиҭаҵреи,  аресторанқәеи абарқәеи рыҩналареи, еиуеиҧшым ауснагӡатәқәа рҽалархәреи азы   Covid-паспорт рымазароуп. Иахьарнахыс абарҭ аҭыҧқәа рахь анеиразы атест иҵоурам аҭак иазхом.

Уажәааны Франциа ахада Емануел Макрон ишааицҳаз ала, алаҵа ҟазымҵаз атәылауаа рыҧсҭаазаашьа ируадаҩыр иҭахуп.

Афранцыз лидер иҳәамҭала, Франциа ауааҧсыра хымҧадатәи авакцинациа рзымҩаҧгара иазкны макьана апланқәа имам, аха, есымшатәи роуранагӡара аҧкра ала алаҵа аҟаҵара рыдицалар иҭахуп.

Франциа аепидемиологиатә ҭагылазаашьа цәгьахеит. Аҵыхәтәантәи 24 сааҭ рыла атәылаҿы акоронавирус  361 719 афактқәа аарҧшуп, 246ҩык апациентцәа иҧсит.