Франциа Иран иҟоу ахатә тәылауаа рахь ааҧхьара ҟанаҵеит зыҧшра ҟамҵакәа Исламтәи ареспублика иқәҵырц
Франциа Иран иҟоу ахатә тәылауаа рахь ааҧхьара ҟанаҵеит зыҧшра ҟамҵакәа Исламтәи ареспублика иқәҵырц

Франциа Адәныҟатәи аусқәа рминистрра Иран иҟоу ахатә тәылауаа рахь ааҧхьара ҟанаҵеит зыҧшра ҟамҵакәа Исламтәи ареспублика иқәҵырц, избанзар, Израили Ирани рыбжьара арратә ескалациа ашәарҭара духеит.

Франциа Адәныҟатәи аусқәа рминистрраҿы ишырҳәаз ала, атәыла зегьы  «азона ҟаҧшь» аҿы иҟоуп.

«Убри аҟынтә, ҳара Франциа атәылауаа аофициалла ирыбжьаагоит Иранҟа адәықәымларц, уа иҟоу ҳтәылауаа адемонстрациақәа рахь имнеирц», — иануп Франциа Адәныҟатәи аусқәа рминистрра аҳәамҭаҿы.

ҲАМАС аполитикатә лидер  Исмаил Ханиа Тегеран даныршь ашьҭахь, арегионаҿ аҭагылазаашьа иаҳа ицәгьахеит.