Франциа Евроеидгыла Ахеилак ахантәаҩы тәылас иҟалеит. Франциа ахада Еммануел Макрон ишиҳәаз ала, «2022 шықәса Европазы аҵакы ду амазаауеит».
«Аҵыхәтәантәи ашықәсқәа рзы Евроеидгыла лассы-лассы ахарарҵоит ари аиҿкаара еиҟәшоуп, азеиҧш проектқәа рынагӡаара алшом, актуалра ацәыӡыр ауеит ҳәа. Аха, апандеми лабҿаба иҳнарбеит аидгылара ахырҳагара ду шахылҵуа, агәыҕра ду шаҳнаҭо», — иҳәеит Еммануел Макрон.
Франциа Евроеидгыла Ахеилак иахагылазаауеит анеҩстәи фымз рыҩнуҵҟа.