Франциа ахадарахь алхрақәа рҿы абжьқәа 97% рыԥхьаӡан, Еммануель Макрон иоуит 27.6%, Марин ле Пен - 23.4%
Франциа ахадарахь алхрақәа рҿы абжьқәа 97% рыԥхьаӡан, Еммануель Макрон иоуит 27.6%, Марин ле Пен – 23.4%. Ахԥатәи аҭыԥ 21.9% рыла ааникылеит ультраармаратәи Жан Лиук Меланшон, уи илхыҩцәа рахь ааԥхьара ҟаиҵеит аҩбатәи атур аҿы Еммануель Макрон идгыларц.
Мраҭашәаратәи аихқәа ишаарыцҳаз, актәи атур аҿы Макрон аԥхьагылара имоупт, аха ари иахәамԥшыкәа, аҩбатәи атур аҿы́ Еммануель Макрони Марин ле Пени рыбжьара апроценттә аиԥшымра маҷ ҟалоит.
Франциа ахадарахь алхрақәа аҩбатәи ртур аҿы ультраарӷьаратәи Ерик Земур Марин ле Пен длыдгылоит, егьырҭ акандидатцәа – Еммануель Макрон.