Франциа Аҩныҵҟатәи аусқәа рминистрра алхрақәа рылҵшәақәа ирызку адыррақәа аланарҵәеит
Франциа Аҩныҵҟатәи аусқәа рминистрра алхрақәа рылҵшәақәа ирызку адыррақәа аланарҵәеит

Франциа Аҩныҵҟатәи аусқәа рминистрра алхрақәа рылҵшәақәа ирызку адыррақәа аланарҵәеит.

Адыррақәа рыла, апарламент аҿы зегь реиҳа ирацәаны абжьқәа аиуит армаратәи алианс “Афронт ҿыц” – 182 мандат. Аҩбатәи аҭыԥ ааннакылеит атәыла ахада Еммануель Макрон икоалициа – 163 мандат, ахԥатәи аҭыԥ ааннакылеит Марин Ле Пен лпартиа – 143 мандат.

Аиҳара аиуразы 289 мандат аҭахуп.