Франциа ацҳаражәҳәаҩ – Ҳара Қырҭтәыла абиуџьет ишиашо ацхраара ҳаҟәыҵны, атәылауаҩратә уаажәларреи АИХқәеи рзы ацхыраара аизырҳара ҳаӡбеит
Франциа ацҳаражәҳәаҩ – Ҳара Қырҭтәыла абиуџьет ишиашо ацхраара ҳаҟәыҵны, атәылауаҩратә уаажәларреи АИХқәеи рзы ацхыраара аизырҳара ҳаӡбеит

«Европатәи ахеилак аӡбарала, Евроеидгыла алалара апроцесс де-факто иаанкылоуп, уи Қырҭтәыла аиҳабыра рыӡбара иахылҵыз алҵшәоуп», — илҳәеит Қырҭтәыла иҟоу Франциа ацҳаражәҳәаҩ  Шераз Гасри.

Лара лажәақәа рыла, Қырҭтәыла абиуџьет ишиашо ацхраара аанкылоуп.

«Рашәара 27 рзы  Европатәи ахеилак иаднакылаз  аӡбара ала, Евроеидгыла алалара апроцесс де-факто иаанкылоуп, уи Қырҭтәыла аиҳабыра рыӡбара иахылҵыз алҵшәоуп. Убри аҟынтә,  ҳара Қырҭтәыла абиуџьет ишиашо ацхраара ҳаҟәыҵны, атәылауаҩратә уаажәларреи АИХқәеи рзы ацхыраара аизырҳара ҳаӡбеит. Аусхкқәа зегьы рхырхарҭала Қырҭтәыла ацхраара анагӡара ҳалшарц азыҳәан, Қырҭтәыла аиҳабыра ари ахырхарҭа рыҧсахроуп», — илҳәеит  Гасри.