Франциа атәанчаратә реформа аҿагыларазы зымҽхак ҭбаау азабастовка мҩаԥысуеит, ақалақьқәа рҿы́ атранспорт аус ауӡом
Франциа атәанчаратә реформа аҿагыларазы зымҽхак ҭбаау азабастовка мҩаԥысуеит. Азабастовка рзы аладырхуеит ауаажәларратә транспорт аныҟәцаҩцәа, арҵаҩцәа, анефтааглыхратә зауадқәеи егьырҭ асекторқәа рҿы аус зуа атәылауаа.
Франциа ақалақьқәа рҿы имҩаԥысран иҟоуп Еммануель Макрон иԥшьгаратә план аҿагыларатә акциақәа, ахада иԥшьгара ала атәанчаратә ақәра – 64 шықәсанӡа иазҳароуп.
Азабастовка амшала Франциа ақалақьқәа рҿы аус ауӡом ауаажәларратә транспорт. Париж аҿы аметро аркуп.