Франциа апрезиденттә алхрақәа аҩбатәи атур мҩаҧысуеит. Атәыла ахада иҭыҧ иазықәҧоит Евроеидгыла адгылаҩ Еммануель Макрони аультраарҕьараҩтәи евроскептик Марин Ле Пени.
«Реитер» адыррақәа рыла, атәылаҿы имҩаҧгаз аҭҵаарақәа инрықәыршәаны, атәыла ауааҧсыра реиҳара Макрон идгылоит.