Франциа аполицаицәеи аҧсабарахьчара активистцәеи еиҿагылеит, аполицаики хәҩык аҧсабарахьчаҩцәеи аахақәа роуит
Франциа аполицаицәеи аҧсабарахьчара активистцәеи еиҿагылеит, аполицаики хәҩык аҧсабарахьчаҩцәеи аахақәа роуит

Франциа, абаҕәазатә ақалақь Ла-Рошель аҿы, аполициеи аӡытә резервуар аргылара иаҿагыло адемонстрантцәеи еиҿагылеит. Азинхьчаҩки хәҩык адемонстрантцәеи аахақәа роуит. Ари аинформациа иаланарҵәеит „Роитер“.

Аҭыжьымҭа адыррала, 4 нызқьҩык раҟара адемонстрантцәа еимдырппырц азыҳәан, аполицаицәа алаҕырӡ аазго агаз рхы иадырхәит. Быжьҩык адемонстрантцәа  аанкылоуп.

Адемонстрациа иалахәын аҧсабарахьчара активистцәеи гәыҧҩык анархистцәеи.

„Арадикалтә, ультраармарахьтәи алахәылацәа хазхаҭалатәи амазареи асупермаркети ирықәлеит. Дара аҧсабара рыхьчоит ҳәа аҳәара уадаҩуп“, – иҩит Франциа аҩныҵҟатәи аусқәа рминистр Жеральд Дарманин асоциалтә аҳаҿы.

Аӡынразы аӡы арезервуарқәа рҿы аӡы иҵәахтәуп, аԥхынразы адәқәа аӡы рықәҭәаразы.  Арезервуарқәа адгьылҵаҟатәи  аӡқәа рҭарҭәоит, аха апроект акритикцәа изларҳәо ала, адгьылҵаҟатәи аӡқәа иаарту ақәыҧшылараҿ реизгара ҟалом, избанзар аӡы иҟьашьыр ауеит.