Франциа амшын иаԥну аҵакырадгьылқәа рҿы изаамҭаным апарламенттә алхрақәа иалагахьеит
Франциа амшын иаԥну аҵакырадгьылқәа рҿы изаамҭаным апарламенттә алхрақәа иалагахьеит

Франциа амшын иаԥну аҵакырадгьылқәа – Сент-Пьери Микелони рҿы изаамҭаным апарламенттә алхрақәа иалагахьеит, – аанацҳауеит “Франс 24”.

Сент-Пьери Микелони рышьҭахь, абжьыҭира мҩаԥысуеит Франциатәи иаҵанакуа Карибтәи амшын адгьылбжьахақәеи Аахыҵ Америка иҟоу франциатәи Гвианаҿы.

Уи ашьҭахь, абжьыҭира мҩаԥысуеит Франциатәи иаҵанакуа Аокеан Ҭынч аҵакырақәа рҿы, ашьҭахь – Индиатәи Аокеан аҟны иҟоу аҵакырақәа рҿы.

Европатәи Апарламент ахь алхрақәа рылҵшәақәа рышьҭахь, Франциа ахада Еммануель Макрон атәылаҿы изаамҭаным апарламенттә алхрақәа рымҩаԥгаразы аӡбара ҟаиҵеит.

Алхрақәа актәи рраунд мҩаԥысуеит рашәара 30, аҩбатәи араунд ԥхынҷкәын 7 рзы.