Франциа Адәныҟатәи аусҳәарҭа аҟынтә ишаарыцҳаз, Франциа Израиль аԥыза-министри “Ҳамас” алидерцәеи рбаандаҩтәразы Гаагатәи аӡбарҭа аӡбамҭа иадгылоит
Франциа Адәныҟатәи аусҳәарҭа аҟынтә ишаарыцҳаз, Франциа Израиль аԥыза-министри “Ҳамас” алидерцәеи рбаандаҩтәразы Гаагатәи аӡбарҭа аӡбамҭа иадгылоит

Франциа Израиль аԥыза-министри “Ҳамас” алидерцәеи рбаандаҩтәразы Гаагатәи аӡбарҭа аӡбамҭа иадгылоит, – аанацҳаит CNN.

“Аӡбарҭа апрокурор изыҳәа иадҳәаланы аӡбамҭа ахала аднакылароуп. Франциа Израиль аԥыза-министри “Ҳамас” алидерцәеи рбаандаҩтәразы Гаагатәи аӡбарҭа аӡбамҭа иадгылоит”, – иануп Франциа Адәныҟатәи аусҳәарҭа аҳәамҭа аҿы.

Жәларбжьаратәи ашьаустә аӡбарҭа апрокурор Карим Ахмад Хан заанаҵтәи аӡбарамҩаԥгара апалатахь азыҳәа наишьҭхьеит Израиль аԥыза-министр Ҳан Бениамин Нетаниаҳуи, Израиль атәылахьчара аминистр Иоава Галанти “Ҳамас” хҩык алидерцәа – Газа асектор аҿы “Ҳамас” аиҳабы Иаҳиа СИнвари, агәыԥ арратә хәҭа анапхгаҩы Муҳаммед Аль-Диефи, “Ҳамас” аполитикатә аиҳабы Исмаил Ҳаниеи рбаандаҩтәразы аордер аҭыжьра иадҳәаланы.