Фымз рыла Қырҭтәыла жәларбжьаратәи атуризм аҟынтә аиуит 1.8 миллиард адоллар ахашәала
Атуризм азы амилаҭтә администрациа аинформациа ала, 2023 шықәса ажьырныҳәа – рашәаразы Қырҭтәыла жәларбжьаратәи аныҟәарақәа рҟынтә (атуризм) аиуит 1,804,529,935 миллиард адоллар ахашәала, ари арбага иубарҭоуп 2019 шықәсатәи иашьашәалоу аамҭазы иҟаз арбага 123.9% рыла шеиҭашьақәыргылаз (+348,461,374 америкатә доллар).
” 2022 шықәса еиҿҳарԥшыр, жәларбжьартәи аҭааҩцәа рҟынтәи ахашәала + 661,999,720 (+57.9%) доллар ала еиҳауп. Сынтәа аҩбатәи аквартал аҿы Қырҭтәыла жәларбжьартәи аҭааҩцәа рҟынтәи 1,009,112,957 адоллар ахашәала аиуит, ари 2019 шықәса хәажәкыразы иҟаз арбага аҵкьыс 115% рыла еиҳауп. 2022 шықәса аҩбатәи аквартал иҿҳарԥшыр, жәларбжьартәи аҭааҩцәа рҟынтәи ахашәала +260,291,106 (+34.8%) доллар ала еиҳауп”, – иануп Атуризм азы амилаҭтә администрациа аинформациа аҿы.