Флорида ауааԥсыра афырҭын "Милтон" аԥхасҭа ду рынаҭеит
Флорида ауааԥсыра афырҭын "Милтон" аԥхасҭа ду рынаҭеит

Флорида ауааԥсыра афырҭын “Милтон” аԥхасҭа ду рынаҭеит. Ҩмиллионк иреиҳаны аҩнқәа афымцалашарада аанхеит. Сент Лиуис аҿы аԥсабаратә рыцҳара аԥсыҭбарақәа ацуп, аха иҭахаз ауааԥсра рхыԥхьаӡара идырым.

Флорида агубернатор Рон Десантис ишааицҳаз ала, 125 еиҳаны аҩнқәа еилаҳауп.

Афырҭын “Милтон” актәи акатегориа анашьан, ахьа уезгьы уи ашәарҭа ду аанарԥшуеит.

Аҳауагәаҭаҩцәа ишаарыцҳаз ала, уаанӡа “Милтон” ахәбатәи акатегориа амч аман. ЕАШ ахада Џьо Баиден Флорида ауааԥсыра рахь ааԥхьара ҟаиҵан, агәҽанызаара рылаиҳәеит.