Еицырдыруа ареитингтә агентра Fitch Қырҭтәыла исуверену акредиттә реитинги ареитинг аперспективеи амԥсахӡеит, ареитинг “ВВ” аҩаӡараҿ анегативтә перспективала ааннажьит.
Қырҭтәыла аекономикеи иҭышәынтәалоу аҿиареи рминистрра аҟынтә ишаарыцҳаз ала, 2020 шықәса жьҭаара-абҵаразы Fitch Шәамахьтәыла акредиттә реитинг «ВВ-» ацынхәрас «В+» анашьеит, Словакиеи, Буларуси Латвиеи – ареитинг аперспектива армаҷит.
Қырҭтәыла аекономикеи иҭышәынтәалоу аҿиареи рминистрра аҟынтә ишаарыцҳаз ала, апандемиеи аглобалтә уадаҩрақәеи рфонаҿ, акредиттә агентра ареитинги аперспективеи ахьамԥсахыз ала, Қырҭтәыла аекономикатә политикеи амикроекономикатә ҭагылазаашьеи аграгара ахьаанарԥшуа иубарҭоуп.
Ареитингтә агентра апрогнозла, Қыртәыла аекономика 2-21 шықәсазы 4.3%-ла, 2022 шықәсазы 5.8%-ла иазҳауеит.