Финлиандиатәи европарламент алахәыла Венгриа Европ ахеилак аҿы абжьыҭира зин амырхырц азы анапынҵақәа еизигеит
Финлиандиатәи европарламент алахәыла Венгриа Европ ахеилак аҿы абжьыҭира зин амырхырц азы анапынҵақәа еизигеит

Финлиандиатәи европарламент алахәыла Петри Сарвамаа Венгриа Европа ахеилак аҿы абжьыҭира зин амырхырц азы анапынҵақәа еизигеит. Ари атәы уи асоциалтә каҭа “Твиттер” аҿы ааицҳаит.

Европарламентар иажәақәа рыла, иашьашәалоу апетициа рнапы аҵарҩит еиуеиԥшым атәылақәеи аполитикатә гәыԥқәеи 120-ҩык рхаҭарнакцәа.

„Орман абжьы имхра шьаҿак ала ҳазааигәахеит”, – иҩит Петри Сарвамаа  асоциалтә каҭаҿы.

Финлиандиатәи европарламент алахәыла Петри Сарвамаа Венгриа азинқәа рҳәаақәҵареи аамҭала урҭ рымхреи аԥшьгарала дықәгылоит.

Шарль Мишель ишааицҳаз ала, рашәарамзазы имҩаҧысуа Европарламентахь алхрақәа ихы рылеихәоит, убри аҟынтә, Европатәи Ахеилак ахантәаҩы иҭыҧ заанаҵы ааныжьра иқәшәоит.  Ҧхынгәы инаркны ҧхынҷкәын аҟынӡа Евроеидгылаҿ ахантәаҩра амазаауеит Венгриа. Ахеилак алахәылацәа Шарль Мишель дзыҧсахша акандидат далмырхыр,  аилатәара анапхгара азиуеит  Украина адгылара иазку Евроеидгыла аинициативақәа иааҧҵәаны ирықәшаҳаҭым Венгриа аҧыза-министр Виктор Орбан.