Financial Times - Украинеи, Молдовеи, Қырҭтәылеи, балкантәи 6 тәылаки Евроеидгылахь ралалара Евроеидгыла иазтәоит 250 миллиард евро еиҳаны
Украинеи, Молдовеи, Қырҭтәылеи, балкантәи 6 тәылаки Евроеидгылахь ралалара Евроеидгыла иазтәоит 250 миллиард евро еиҳаны. Ари атәы иануп британиатәи агазеҭ Financial Times аҿы икьыҧхьу астатиаҿы.
Financial Times астатиа инақәыршәаны, аҩныҵҟатәи аҭҵаара ишаанарҧшыз ала, анеҩстәи бжьышықәса рыҩныҵҟала Украина Евроеидгыла иалалар, Киев 186 миллиард евро аиуеит.
Зыӡбахәы ҳәоу адокументаҿ ишазгәаҭоу ала, Украинеи, Молдовеи, Қырҭтәылеи, балкантәи 6 тәылаки Евроеидгыла иалалар, уажәазы иҟоу абиуџьеттә закәанқәа инрықәыршәаны, жә-ҳәынҭқаррак рыдкылара Евроеидгыла иазтәоит 256 миллиард евро.
«Евроеидгыла иалоу атәылақәа зегьы иаҳа ирацәаны ашәара рықәшәоит, аха, Евроеидгыла абиуџьет аҟынтә иаҳа имаҷны ироуеит. Уажәы абиуџьет аҟынтә адотациақәа зауа атәылақәа рацәа адонорцәас иҟалоит, дара Евроеидгыла абиуџьет аҧара алаҵара рықәшәоит», — иануп Евроеидгыла Ахеилак адокументаҿы.
Financial Times адыррала, Евроеидгыла алидерцәа, арҭбаара азҵаара раҧхьаӡа акәны инарҭбааны иалацәажәоит уаҵәы Гранада имҩаҧысуа аиҧылараҿы.