Financial Times – Қырҭтәыла ажәылареи Ҟрым аннексиеи ашьҭахь, НАТО Москва ахьырхәразы иҟанаҵаз маҷуп, ақәыӡбаратә риториа ада уаҳа акгьы ҟарымҵеит
«Бухаресттәи асаммит ашьҭахь Қарҭи Киеви, НАТО иалалар зҭаху, аха, Алианс ала ихьчам атәылақәа раҳасабала, Мраҭашәареи Урыстәылеи рыбжьара ашьацҳәа иакит, ҧшьымз рышьҭахь Путин итанкқәа Қырҭтәыла иалалеит», — иануп Financial Times аҿы икьыҧхьу астатиаҿы.
Аҭыжьымҭа ишану ала, Қырҭтәыла ажәылареи Ҟрым аннексиеи ашьҭахь, НАТО Москва ахьырхәразы иҟанаҵаз маҷуп.
Астатиаҿы иарбоуп Естониа адәныҟатәи аусқәа рминистр Маргус Цахкн игәаанагара, иара ишиҳәаз ала, Урыстәыла агәылара иҟоу атәылақәа рзы зегьы реиҳа ишәарҭоуп «НАТО азыҧшратә зал аҿы атәара».
«Абасоуп 15 шықәса раҧхьа Қырҭтәылеи Украинеи ҳашрызныҟәаз», — иҳәеит Естониа адәныҟатәи аусқәа рминистр.