ФИФА ахада Џьани Инфантино Қарҭ аинфраструктуратә проектқәа ибеит #1TVSPORT
ФИФА ахада Џьани Инфантино авизит ҷыдала Қырҭтәыла даҭааит. Адунеитә ашьапылампыл анапхгаратә орган ахада Қырҭтәыла Ашьапылампыл азы афедерациа ахаҭарнакцәа дырҧылан, ашьапылампылтә инфраструктуратә проектқәа шымҩаҧысуа ибеит.
Асасцәа ашьапылампылтә школ «Аваза» иаҭааит, уаҟа, ФИФА апрграмма аицфинансыркрала, диҕомтәи ашьапылампылтә центр аргылара иаҿуп. Убри ашьҭахь, аделегациа алахәылацәа, Михаил Месхи ихьӡ зху астадионашҟа идәықәлеит.