"Фаиненшал ҭаимс" - Евроеидгыла Урыстәыла аибашьраҿ иацхраауа китаитәи аилахәырақәа асанкциақәа рзышьақәнаргылоит
"Фаиненшал ҭаимс" - Евроеидгыла Урыстәыла аибашьраҿ иацхраауа китаитәи аилахәырақәа асанкциақәа рзышьақәнаргылоит

Евроеидгыла Урыстәыла аибашьраҿ иацхраауа китаитәи аилахәырақәа асанкциақәа рзышьақәнаргылоит, – аанацҳаит “Фаиненшал ҭаимс”.

Акьыԥхь аинформациа ала, Укарина аимак алагара ашьҭахь, Евроеидгыла Китаи асанкциақәа раԥхьаӡа азышьақәнаргылоит.  Асанкциақәа рзышьақәдыргылоит китаитәи бжьеилахәырак рганахьала , иҟоу адыррақәа рыла, урҭ Украина иаҿагыланы рхы иадырхәо абџьар аҭира ирхарарҵоит.

“Фаиненшал ҭаимс” аинформациа ала, китаитәи еилахәырақәак, урҭ рыбжьара King-Pai Technology, ЕАШ аҿбарала асанкциақәа рзышьақәдыргылахьеит.