"Евростат" – Евроеидгыла атәылақәа рҿы ахыҵакырҭа иашьҭоу Қырҭтәыла атәылауаа рхыҧхьаӡара маҷхеит
"Евростат" – Евроеидгыла атәылақәа рҿы ахыҵакырҭа иашьҭоу Қырҭтәыла атәылауаа рхыҧхьаӡара маҷхеит

 

2024 шықәса актәи азбжазы Евроеидгыла атәылақәа рҿы ахыҵакырҭа иашьҭаз Қырҭтәыла атәылауаа рхыҧхьаӡара маҷхеит ҵыҧхтәи иашьашәалоу аамҭа аасҭа. Арҭ адыррақәа кьыҧхьуп   «Евростат» аофициалтә саит аҿы.

Астатистикатә дыррақәа инрықәыршәаны, ахыҵакырҭа иашьҭоу Қырҭтәыла атәылауаа рхыҧхьаӡара маҷхеит Евроеиидгыла атәылақәа зегьы рҿы.

Зыӡбахәы ҳәоу адыррақәа инрықәыршәаны,  2024 шықәса актәи азбжазы Германтәыла  ахыҵакырҭа иаҳәеит  1395ҩык Қырҭтәыла атәылауаа.  2023 шықәса актәи азбжазы 5155ҩык иҟан.