«Европатәи жәлар рпартиа» иармазеиз арезолиуциа апроектаҿ  импыҵахалоу Аҧсны аӡбахәы ҳәоуп ихьыҧшым аҳәынҭқарра аҳасабала  
 «Европатәи жәлар рпартиа» иармазеиз арезолиуциа апроектаҿ  импыҵахалоу Аҧсны аӡбахәы ҳәоуп ихьыҧшым аҳәынҭқарра аҳасабала  

Европарламент адепутатцәа рыхәҭак  импыҵахалоу Аҧсны иахцәажәеит ихьыҧшым аҳәынҭқарра аҳасабала.  «Атәым анырра аартызаара иазку» азакәанпроект иадҳәаланы  «Европатәи жәлар рпартиа» иармазеиз арезолиуциа апроект иануп:  «ақырҭуа азакәанпроект иаҧҵан урыстәылатәи азакәан инақәыршәаны, уажәааны Кыргыстани Аҧсни  абри аҩызаҵәҟьа азакәанқәа рыдыркылеит». Атекстаҿ импыҵахалоу ақырҭуа регион иадҳәаланы ажәа  «ампыҵахалара» ахархәара амамызт.

Зыӡбахәы ҳәоу анҵамҭеи апроекти рзы абжьыҭира мҩаҧгахом, избанзар, Европарламент алахәылацәа апроект пунктк азы изеиқәшаҳаҭымхеит. Зыӡбахәы ҳәоу апунктла иазҧхьагәаҭоуп   «Ақырҭуа гәахәтәы» адепутатцәа асанкциақәа рзышьақәыргылареи Евроеидгыла аҟынтәи Қырҭтәылазы афинанстә цхыраара аанкылареи.

Иахьа евродепутатцәа абжьыҭира мҩаҧыргоит  еиуеиҧшым аполитикатә гәыҧқәа иззеиқәшаҳаҭхаз авариант азы, уи аҿы абарҭ анҵамҭақәа иҟам.