Европатәи ахеилак - Шарль Мишель европатәи аперспектива азааигәахара аус аҿы Саломе Зурабишвили иҟалҵаз алагала ибзианы дахцәажәеит, ҷыдала -  адеполиаризациа иацхраауа, ашьауҕа ақәхра азин ахархәара
Европатәи ахеилак - Шарль Мишель европатәи аперспектива азааигәахара аус аҿы Саломе Зурабишвили иҟалҵаз алагала ибзианы дахцәажәеит, ҷыдала -  адеполиаризациа иацхраауа, ашьауҕа ақәхра азин ахархәара

Европатәи ахеилак Қырҭтәыла ахада Саломе Зурабишвилии Европатәи ахеилак ахада Шарль Мишели реиҧылара иазку аофициалтә информациа аланарҵәеит.

Аинформациа ишану ала, алидерцәа Қырҭтәылеи Евроеидгылеи реизыҟазаашьақәеи арегионаҿ аҭагылазаашьеи иалацәажәеит.

«2023 шықәса цәыббра 1 азы, Европатәи ахеилак ахада Шарль Мишель, Бриуссель, Қырҭтәыла ахада Саломе Зурабишвили дылҧылеит. Алидерцәа Қырҭтәылеи Евроеидгылеи реизыҟазаашьақәеи арегионаҿ аҭагылазаашьеи иалацәажәеит.

Мишель иаҵшьны иазгәеиҭеит Қырҭтәыла европатәи аперспектива анашьара аҭоурыхтә ҵакы шамоу. Иара даҽазнык ишьақәирҕәҕәеит Евроеидгыла европатәи амҩаҿ  Қырҭтәыла ацхраара шынанагӡо,  иара убас, ишиҳәаз ала, атәылазы зҵакы дуу ареформақәа хымҧада инагӡатәуп, ҷыдала аиашаӡбареи, адеолигархизациеи, акоррупциа аҿагылареи,  амедиа плиурализми аусхкқәа рҿы.

Иара убас,  Шарль Мишель европатәи аперспектива азааигәахара аус аҿы Саломе Зурабишвили иҟалҵаз алагала ибзианы дахцәажәеит, ҷыдала –  адеполиаризациа иацхраауа, ашьауҕа ақәхра азин ахархәара.  Мишель ишьақәирҕәҕәеит Евроеидгыла Қырҭтәыла ахьыҧшымреи аҵакырадгьылтә акзаареи ишадгыло», — иануп аинформациаҿы.