Европатәи Ахеилак - Буча амассатә ауаҩшьрақәа Европа иҟаҵоу агыгшәыгра асиа иалагалоуп, арратә ацәгьаурақәа зхароу ауааҧсыра зегьы ахьырхәра рыҭатәуп
Европатәи Ахеилак Бучеи егьырҭ украинатәи ақалақьқәеи рҿы Урыстәыла ала иҟаҵоу агыгшәыгра иақәыӡбо аҳәамҭала иқәгылеит.
Аҳәамҭа ишану ала, Европатәи Ахеилак украинатәи ақалақьқәа рҿы урыстәылатәи арбџьармчқәа ргәымбылџьбареи арратә ацәгьаурақәеи ирықәыӡбоит.
«Аҭынчуаа рацәа рышьреи аинфраструктура ақәхреи аазырҧшуа акадрақәа аабеит, уи каамеҭуп, абарҭ акадрқәа Урыстәыла Украина иаҿагыланы имҩаҧнаго агәымбыџьбаратә арратә агрессиа ахаҿсахьаҵәҟьа аадырҧшуеит. Бучеи егьырҭ украинатәи ақалақьқәеи рҿы иҟаҵаз арратә ацәгьаурақәа европатәи адгьыл аҿы иҟаҵоу агыгшәагра асиа ианылоит.
Абарҭ ацәгьаурақәа рзы аҭак рыҧхықәуп Урыстәыла анапхгара.
Арратә ацәгьаурақәа зхароу ауааҧсыра зегьы аҭакҧхықәра рықәҵахоит. Европатәи Ахеилак Украина аҵакырадгьыл аҿы Урыстәыла ала ауаҩытәыҩса изинқәеи жәларбжьаратәи агуманитартә зинқәеи реилагаразы аҭакҧхықәра рыдҵара иазку ашьаҿақәа зегьы ирыдгылоит.
Европатәи Ахеилак наҟ-наҟгьы Украина иадгылоит, асанкциақәа рырџьбаразы аусура нанагӡоит.
Ахада Путин зыҧшра ҟамҵакәа аибашьра даҟәыҵроуп», — иануп аҳәамҭаҿы.