Европатәи аекспертцәа Евроеидгыла арҭбаара аплан цәырыргеит
Европатәи аекспертцәа Евроеидгыла арҭбаара аплан цәырыргеит

Евроеидгылаҿ зегьы реиҳа знырра дуу 12ҩык аекспертцәа, Франциеи Германтәылеи ринициативала,  аидҵара аструктуратә реформа аплан цәырыргеит, ари аплан наҟ-наҟ  аҳәынҭқарра ҿыцқәа рыдкыларазы Евроеидгыла азыҟаҵара иазкуп.

Аекспертцәа ражәалагала хада  ала иазҧхьагәаҭоуп европатәи аҳәынҭқаррақәа 4 гәыҧк рыла ршара,  аинтеграциа аҩаӡареи аҭаххареи инақәыршәаны.

Араҟа  зинтеграциа аҩаӡара зегьы реиҳа иҳараку Евроеидгыла иалоу аҳәынҭқаррақәа  «рыҩныҵҟатәи агежь» иалацәажәоит; уи иашьҭагылоит Евроеидгыла алахәылацәа зегьы; ахҧатәи аҩаӡараҟны иҟоуп ассоциациатә алахәылацәа; аҧшьбатәи аҩаӡара иаҵанакәеит  ҵыҧх Франциа иаҧшьанагаз Европатәи аполитикатә уаажәларра алахәылацәа.

Иара убас, аекспертцәа, Евроеидгыла аструктура аоптимизациа амзызла арадикалтә реформақәа рымҩаҧгаразы абжьагара ҟарҵоит, лымкаала, еврокомиссарцәеи Европарламент алахәылацәеи рхыҧхьаӡара армаҷреи, иара убас, амилаҭтә вето азин аҧыхреи.

Убри адагьы,  амилаҭтә вето ацәыӡра ацынхәрас, ажәахә аҿы абжьагара ҟарҵоит Европатәи ахеилак аҿы абыжьқәа реиҳара аҳәынҭқарра хәыҷқәа ишрыхәаша ала реизшаразы.