Европарламент ахада Роберта Метсола Киев даҭааит
Европарламент ахада Роберта Метсола Киев даҭааит

Европарламент ахада Роберта Метсола Киев, Украина иреиҳаӡоу Рада аспикер Руслан Степанчук диԥылеит.

“Украинаа рфырхаҵара адунеи азы иҿырԥшыгоуп. Сара Киев сыҟоуп, Украина агәыӷратә шьҭымҭа рзаазгеит. Ҳара ҳшәыдгылоит”, – илҩит Роберта Метсола асоциалтә каҭа “Твиттер” аҿы.

Роберта Метсолеи Руслан Степанчуки ишиашоу реиԥылара ашьҭахь абрифинг мҩаԥган. Абрифинг аҿы Роберта Метсола ишаалыцҳаз, Европарламент Украина ақалақьқәа реиҭашьақәыргылараҿ ацхыраара азаанарԥшуеит.

Степанчук ишазгәеиҭаз, Европарламент ахада лҟны аиԥылараан ирыхәаԥшит амш аусхәаԥштә иалоу зегь реиҳа ихаду азҵаарақәа.