Европарламент аднакылеит Қырҭтәыла иазку есышықәсатәи аҳасабырба, уи арекомендациақәа раҳасаб ала ԥсахрақәак иалалеит
Европарламент аднакылеит Қырҭтәыла иазку есышықәсатәи аҳасабырба, уи арекомендациақәа раҳасаб ала ԥсахрақәак иалалеит

Европарламент аднакылеит Қырҭтәыла иазку есышықәсатәи аҳасабырба, уи арекомендациақәа раҳасаб ала ԥсахрақәак иалалеит.

Аԥсахрак аҿы ишану ала, “Европарламент иазгәанаҭоит аекономикатәи, аполитикатәи, ауаажәларатәи ԥсҭазаараҿ хазхаҭалатәи аинтересқәа рнырра ду аҵыхәаԥҵәара ахымԥадара, ари, Қырҭтәыла акандидат статус анашьаранӡа иахәаԥшран иҟоу, акомиссиа иҳәаақәнаҵаз априоритетқәа иреиуоуп”.

Иахьа ирыдыркылаз аҳасабырбаҿ ишану ала, Европарламент “хазхаҭалатәи аинтересқәа рнырра ду, ҷыдала аолигархи ԥасатәи аԥыза-министр Биӡина Иванишвилии иинтересқәа, аҵыхәа ԥҵәатәуп, ари, аекономикатәи, аполитикатәи, ауаажәларатәи  ԥсҭазаараҿ, аструктуратәи еснагьтәи ареформақәа рымҩаԥгарала ҟаҵатәуп”.

“Ҳара урыстәылатәи атәылауааи аиҿкараақәеи мраҭашәаратәи асанкциақәа реилагаразы Қырҭтәыла рхы ахьадырхәо агәынамӡара ааҳарԥшуеит. Евроеидгыла аинститутқәа рахь ааԥхьара ҟаҳҵоит арҭ ахарадҵақәа ирызкны аусԥшаара мҩаԥыргарц, иара убас Иванишвилии Урыстәылеи реимадара иазку Акоррупциа аԥырҟәҟәааразы Украина амилаҭтә агентра аҳасабырба ҭырҵаарц”, — иануп Европарламент арезолиуциа аҿы.

Адокумен иадгылеит 430-ҩык адепутатцәа, иаҿагылеит 52-ҩык,126-ҩы́к рпозициақәа аадмырԥшит.